EUMM - European Union Monitoring Mission in Georgia

Krtsanisi Residential Area, 49 Krtsanisi Street, Tbilisi, Georgia
Tel: +995 32 2 721800; +995 32 2 719300
Email: press@eumm.eu
www.eumm.eu
 
26/04/2024 11:04:11
Print | Close
https://eumm.eu/ab/about_eumm/mandate/
 
Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын.

Ҳара ҳприоритетқәа:


Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи.

Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.