Евроеидгыла азеиҧш адәныҟатәи, ашәарҭадаратәи аполитика (CFSP) Маастрихтәи аиқәшаҳаҭрала ишьақәыргылан. Уи хықәкыс иамоуп: аҭынчра ахьчареи, жәларбжьаратәи ашәарҭадара арҕәҕәареи ЕАРтәи ахартиа инаҵакны; жәларбжьаратәи аусеицура ацхыраара; адемократиеи, азакуан аҳракыра арҿиареи, аидкылареи, ауаҩы изинқәеи, ихадоу ихақәиҭреи ахьчара.
Амстердамтәи аиқәшаҳаҭра (1997) иалҵшәаны азеиҧш адәныҟатәи, ашәарҭадареи аполитикатә иреиҳаӡоу ахаҭарнакра шьақәыргылан, уи хықәкыс иамоуп Евроеидгылатә адәныҟатәи аполитика акоординациа азуреи, еиҭаҵуа ахантәаҩра ишахәҭоу ала Евроеидгылатә ахьӡ ала адәныҟатәи аполитикатә еиқәышаҳаҭра азҵаара аларҵәареи.
Евроеидгыла иалахәу аҳәынҭқаррақәа ирзеиҧшу адәныҟатәи, ашәарҭадаратәи аполитика апринципқәеи, азеиҧш адҵақәеи иҳәаақәнаҵоит. Уи иашьагәыҭны аминистрцәа рхеилак “азеиҧш мҩаҧгатәқәа”, ма “азеиҧш апозициақәа” армазеиуеит. Иҷыдоу хәҭаны ирзеиҧшу ашәарҭадареи, атәылахьчаратә аполитикеи аанарҧшоит.
2009 шықәса ҧхынҷкун 1 азы, Лиссабонтәи аиқәшаҳаҭра ахархәара аиут. Ари аиқәшаҳаҭра инаҵакны Евроеидгылатә адәныҟатәи аусқәеи, ашәарҭадаратә политика иреиҳаӡоу ахаҭарнак иҭыҧи шьақәыргылан. Ари аҭыҧ адәныҟатәи аусқәеи, ашәарҭадара аполитиказы аидгыла ахаҭарнаки, адәныҟатәи аусқәа реидгыла ахадеи, акомиссиа авице-хадеи рфункциақәа азҧхьагәанаҭоит. Уажәы азы ари аҭыҧ ҳ.з. Кетрин Ештон иаанылкылоит.