Амандат
Ҳара Евроеидгыла абџьар змам ауаажәлартә анаҧшҩцәа рмиссиа ҳауп. Ҳара ҳмиссиа 2008 шықәса цәыббра мзазы, Евроеидгыла абжьаҟазарала фпункт иҟоу аиқәшаҳаҭра рнапы анаҵарыҩы аамышьҭахь арахь ҳаашьҭын.

Ҳара ҳприоритетқәа:

  • Аибашьратә ахҭысқәа рырҿыцра аҽацәыхьчара ацхыраара азура;
  • Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи администрациатә цәаҳәа аҩганк азааигәара инхо ауаа ршәарҭадареи, ибзиоу аҧсҭазаара рзышьақәыргылареи;
  • Еиҿагыло аганқәа рыбжьара агәрагара аиҭашьақәыргылара;
  • Қырҭтәылеи, арегионқәеи ирызку Европатәи аполитика аҳәаақәҵаратә аилазаашьақәа адырра рыҭара.

Амиссиа аусура анагӡара ианалага инаркны инанагӡоит 24 сааҭтәи аҧыҧшра, иҷыдоу азҿлымҳара Аахыҵ Уаҧстәылеи, Аҧснытәи административтә ҳәаақәа рзааигәаратә аҭыҧқәа ирзыруеит. Амиссиа аҟны 200 ҩык анаҧшҩцәа аус руеит Евроеидгыла иалахәу еиуеиҧшым атәылақәа рҟнытә. Ҳара ҳофис хада Қарҭ иҟоуп, егьырахь арегионалтә аофисқәа – Гори, Мцхеҭеи, Жәыргьыҭи.

Ҳара ҳмандат амч амоуп Қырҭтәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара. Аха Аҧсни, Аахыҵ Уаҧстәылеи де-факто аиҳабыра ахаҭарнакцәа иахьанӡагьы дара зхылаҧшуа аҭыҧқәа рахь анеира азин ҳарҭом.



Follow us on social media
Один день из жизни наблюдателя
 (субтитры на абхазском языке)